Владимир Зеленски - Ҭырқәтәыла абжьаҟазара аҿуп, аха аурыс туристцәа рзы амаршрут ҿыцқәа аԥнаҵоит, ари ииашаӡам
Владимир Зеленски - Ҭырқәтәыла абжьаҟазара аҿуп, аха аурыс туристцәа рзы амаршрут ҿыцқәа аԥнаҵоит, ари ииашаӡам

Украина ахада Владимир Зеленски аурыс туристцәа рзы амаршрут ҿыцқәа раԥҵара амзызла Ҭырқәтәыла акритика азиуиит.

Ари атәы Зеленски бырзентәылатәи аих аҟны аинтервиу аҿы иазгәеиҭеит.

Зеленски иажәақәа рыла, Ҭырқәтәыла аԥара аҟаҵара анаҿу аамҭазы, украинаа ршьа каҭәоит Урыстәылаҟны аибашьраҿ .

„Бырзентәыла шеишықәса рыбжьара урыстәылатәи атуристцәа рҟынтә афеида амоуп. Абри еиԥш аҭагылазаашьоуп Ҭырқәтәылагьы. Аурысцәа рԥара ашьа ақәҭәоуп. Ҭырқәтәыла абжьаҟазара аҿуп, аха аурыс туристцәа рзы амаршрут ҿыцқәа аԥнаҵоит, ари ииашаӡам. Аиҩызаратә аизыҟазаашьақәа рҭахызар, ари ԥсахтәуп, избан акәзар ари ҩынтәтәи стандартуп”, – иҳәеит Зеленски.