Владимир Путин – Зегьы игәныркылааит: Лугански, Донецки, Запорожиеи, Херсони инхо ауааҧсыра ҳтәылауаас иҟалеит, наунагӡа
«Киев анапхгареи, Мраҭашәараҿ ареалтә рыҧшәмацәеи ираҳаратәы исҳәар сҭахуп. Рызынтәгьы игәныркылааит. Лугански, Донецки, Запорожиеи, Херсони инхо ауааҧсыра ҳтәылауаас иҟалеит, наунагӡа. Киевтәи анапхгара амца аанкылара рыбжьаагоит», — иҳәеит Урыстәыла ахаада Владимир Путин ааҧхьара ҷыдаҿ.
Путин иажәақәа рыла, Урыстәыла ахархәагақәа зегьы рыла ахатә дгьыл ахьчоит, иаҭаху зегьы ҟанаҵоит ауаа шәарҭада инхаларц.
«Киев анапхгареи, Мраҭашәараҿ ареалтә рыҧшәмацәеи ираҳаратәы исҳәар сҭахуп. Рызынтәгьы игәныркылааит. Лугански, Донецки, Запорожиеи, Херсони инхо ауааҧсыра ҳтәылауаас иҟалеит, наунагӡа. Киевтәи анапхгара амца аанкылареи, 2014 шықәсазы излагаз аибашьра аҟәыҵреи, аиҿцәажәара алагареи рыбжьаагоит. Ҳара уи ҳазыхиоуп. Ажәлар иҟарҵаз алхра ҳагьалацәажәом — алхра ҟаҵоуп, Урыстәыла арҭ ауаа ачарҳәара рызнауам.
Иахьатәи киевтәи анапхгара ауаа рхы иақәиҭны иҟарҵаз алхра пату ақәырҵароуп. Ҳара, иҳамоу ахархәагақәа зегьы рыла, ҳадгьыл ҳахьчоит», — иҳәеит Владимир Путин.