Владимир Путин Украина Херсонтәии Запорожтәии атәылаҿацәқәа рхьыҧшымра азхаҵара иазку адҵа инапы аҵаиҩит
Урыстәыла ахада Владимир Путин Украина иаҵанакәа Херсонтәии Запорожтәии атәылаҿацәқәа рхьыҧшымра азхаҵара иазку адҵа инапы аҵаиҩит. Ари аинформациа аладырҵәеит урыстәылатәи АИХ.
«Зегьирзеиҧшу жәларбжьаратәи зин апринципәқеи анормақәеи ирышьашәаланы, ЕАР аҧҟаҧҵаҿы ишьақәырҕәҕәоу амилаҭқәа рзинеиҟарара апринцип шьақәырҕәҕәаны, 2022 шықәса цәыббра 27 рзы ареферендум аҿы Херсонтәи атәылаҿацә ауааҧсыра иаадырҧшыз аҭахра иазҧхьагәаҭаны, ишьақәсыргылоит: Херсонтәи атәылаҿацә ахьыҧшымра азхаҵазааит», — иануп адокумент аҿы.
Абари аҩызаҵәҟьа аҵакы амоуп Запорожтәи атәылаҿацә иазку адокументгьы.