Владимир Путин – Ҳҵакырадгьылаҿ атеррористтә актқәа нагӡахар, Урыстәыла иџьбараны аҭак ҟанаҵоит
«Ҳҵакырадгьылаҿ атеррористтә актқәа нагӡахар, Урыстәыла иџьбараны аҭак ҟанаҵоит», — иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Ашәарҭадара ахеилак аилатәараҿы.
Путин ишиҳәаз ала, аоперативтә информациа инақәыршәаны, жьҭаара 8 рзы иҟалаз аҧжәарақәа атеррористтә актуп.
«Акриминалисттә експертиза алҵшәақәеи егьи оперативтә информациеи инақәыршәаны, жьҭаара 8 рзы иҟалаз аҧжәарақәа атеррористтә актуп. Ҷыдала зҵакы дуу атәылауаҩратә инфраструктура арбгара иазкыз атерракт. Иара убас, лабҿаба иубарҭоуп ари атерракт украинатәи амаҵзура ҷыдақәа ишынарыгӡаз. Киевтәи арежим атеррористтә гәыҧқәа иреиҧшхит. Абри аҩыза ацәгьаурақәа хымҧада аҭак рыҭатәуп. Ҳҵакырадгьылаҿ атеррористтә актқәа нагӡахар, Урыстәыла иџьбараны аҭак ҟанаҵоит. Ҳара Урыстәылатәи афедерациа изҭадыргыло ашәарҭара иашьашәаланы аҭак ҟаҳҵоит. Уи зегьы ирдыруазароуп», — иҳәеит Путин.