Владимир Путин атактикатә атомтә абџьар ахархәарала азыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы адҵа ҟаиҵеит
Владимир Путин атактикатә атомтә абџьар ахархәарала азыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы адҵа ҟаиҵеит

Урыстәыла ахада Владимир Путин атактикатә атомтә абџьар ахархәарала азыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы адҵа ҟаиҵеит Атәылахьчра аминистрра адҵа аиуит.

Атактикатә абџьар ахархәарала азыҟаҵарақәа аладатәи арратә округи арратә-мшынтә флоти рҽалархәарала хара имгакәа мҩаԥыргоит.

Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭаҿ ишану ала, азыҟаҵарақәа рымҩаԥгара шьаҭас амоуп “апровокациатә ҳәамҭақәеи мраҭашәаратәи аофициалтә хаҿқәа иҟарҵо ақәмақаррақәеи”.