Владимир Чачибаиа – НАТО ашҟа Қырҭтәыла алаларазы аполитикатә аӡбара мацароуп иаанхаз, арратә ганахьала изакәызаалак проблемак иҟам
Қырҭтәыла НАТО ахадаратә принципқәа ирықәныҟәоит, НАТО аҳәарақәа зегьы наҳагӡеит, — иҳәеит Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа ҧасатәи рҧыза Владимир Чачибаиа Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз.
Иара иажәақәа рыла, атәылахьчара аусхкы аҿы Қырҭтәыла имҩаҧгаз ареформақәа НАТО Арратә комитет аҟынтә ахәшьара бзиа роуит.
«НАТО ишьақәгылоуп аполитикатәи арратәи ахәҭақәа рыла. Ҳара имҩаҧаагаз ареформақәа рыбзоурала, иахьазы, НАТО астандартқәа ҳрышьашәалоуп. Иҵабыргны иуҳәозар, арратә ганахьала изакәызаалак проблемак иҟам, ҳтәыла НАТО иалаларц азыҳәан аполитикатә аӡбара адкылара мацароуп иаанхаз.
Қырҭтәыла НАТО ахадаратә принципқәа ирықәныҟәоит, НАТО аҳәарақәа зегьы наҳагӡеит. Ақырҭуа аруаа аус рыцызуаз НАТО алахәылацәа зегьы ҳаруаа рзанааҭдырра иазгәарҭеит. НАТО Арратә комитет ахантәаҩы арратә усхкы аҿы ҳтәылаҿы имҩаҧысуа апроцессқәа ибзианы дрыхцәажәеит», — иҳәеит Владимир Чачибаиа.