"Вивамед" аҳақьым - Ҳара иҳамоу атоксикологиатә дыррақәа инрықәыршәаны, Михаил Саакашвили иинтоксикациа шьақәырҕәҕәам
«Ҳара иҳамоу атоксикологиатә дыррақәа инрықәыршәаны, Михаил Саакашвили иинтоксикациа шьақәырҕәҕәам», — илҳәеит аклиника «Вивамед» аҳақьым Ҭамар Абашиӡе ақалақьтә аӡбарҭаҿы лҿахәы анлымых ашьҭахь ажурналистцәа данрацәажәоз.
Ҭамар Абашиӡе ишылҳәаз ала, аневрологиатә ганахьала Михаил Саакашвили иҭагылазаашьа еицәахеит.
«Сара аӡбаратә процессаҿ ари азҵаара салацәажәеит. Изымҩаҧгаз агәаҭарақәа, анализқәа, ихәышәтәра, имҩаҧгаз аконсультациақәа уҳәа, абри зегьы ҳалацәажәеит. Аусура ду мҩаҧган, уи ҳалацәажәеит. Иара убас, иацҵаны атоксикологиатә ҭҵаарақәа мҩаҧгатәын. Имҩаҧаагаз аҭҵаарақәа иҵоуроу арбага аадмырҧшит. Ҳара иҳамоу атоксикологиатә дыррақәа инрықәыршәаны, Михаил Саакашвили иинтоксикациа шьақәырҕәҕәам. Аха, аневрологиатә ганахьала иҭагылазаашьа еицәахеит», — илҳәеит Ҭамар Абашиӡе.