Виола фон Крамон – Қырҭтәыла ауааҧсыра Европаҟа рхы рхоуп, дара Евроеидгылеи НАТО рылахәылацәас иҟалар рҭахуп, убри аҟынтә, ҳара ари азҵаара цқьа ҳазхәыцроуп
Виола фон Крамон – Қырҭтәыла ауааҧсыра Европаҟа рхы рхоуп, дара Евроеидгылеи НАТО рылахәылацәас иҟалар рҭахуп, убри аҟынтә, ҳара ари азҵаара цқьа ҳазхәыцроуп

«Уажәтәи аҭагылазаашьаҿы Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьара  – ақәҿиара дууп. Қырҭтәыла аиҳабыра ари ашанс рымоуп, Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьан,  акандидат-тәыла аҳасабала апрогресс рымазаарц азыҳәан иҟаҵатәу рдыруеит», — илҳәеит Европарламент адепутат Виола фон Крамон.

Лара лажақәа рыла,  Қырҭтәыла акандидат астатус аиуразы ашанс амоуп.

Иара убас, Виолы фон Крамон лгәаанагарала, Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа ирыдҳәаланы азҵаарақәа иҟоуп, лара Урыстәылаҟны аусеицура арҭбаареи Китаи аҟны аусеицуреи ауп дызлацәажәо.

«Евроеидгыла арҭбаара апроцесс  – ақәҿирақәа рышьаҭала имҩаҧысуа процессуп. Аҳәынҭқаррақәа зегьы, еиҟараны, ари ашанс рымоуп. Аусхәаҧштә еилкаауп, атәыла Евроеидгыла астандартқәа ирышьашәалазарц азыҳәан иҟаҵатәу рдыруеит. Қырҭтәыла иазықәыргылоу аҳәарақәа Мраҭашәаратә Балканқәеи, Молдовеи, Украинеи ирзықәыргылоу аҳәарақәа иреиҧшзароуп.  Уажәтәи аҭагылазаашьаҿы Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьара  – ақәҿиара дууп ҳәа сгәы иаанагоит. Қырҭтәыла аиҳабыра ари ашанс рымоуп, Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьан,  акандидат-тәыла аҳасабала апрогресс рымазаарц азыҳәан иҟаҵатәу рдыруеит.  Қырҭтәыла европатәи аперспектива ананаршьоз  акандидат астатус аиуразы иҟаҵатәу арҳәеит.  Иахьа уажәраанӡа иаабаз зегьы ҳгәыҕрақәа ирышьашәалам. Аха, Қырҭтәыла астатус аиуразы макьана ашанс амоуп.  Ҳара зҵаарак ҳамоуп, атәыла анапхгара ари ашанс ахархәара зырҭахыми. Украина, ишеибашьуагьы, иаҳа ирацәаны иҟарҵеит. Молдовагьы иаҳа ақәҿиара амоуп.

Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа ирыдҳәаланы азҵаарақәа иҟоуп, сара Урыстәылаҟны аусеицура арҭбаареи Китаи аҟны аусеицуреи ауп сызлацәажәо. Урыстәыла атәылауаа рацәа Қырҭтәыла анхара азин рымоуп. Абри зегьы иахыуҳәари? Хаҭала сара сгәы ишаанаго ала, ҳара Урыстәыла азин аҳамҭароуп Қырҭтәыла анапхгара рзы анырра рымазарц. Қырҭтәыла аиҳабыра амбициақәа шрымамгьы,  аконкреттә аҳәарақәа рыла Қырҭтәыла акандидат астатус анашьаразы алшарак ҳаҧшаароуп, избанзар, Қырҭтәыла аҵакы ду амоуп. Қырҭтәыла ауааҧсыра Европаҟа рхы рхоуп, дара Евроеидгылеи НАТО рылахәылацәас иҟалар рҭахуп, шәара уи Аконституциа ианышәҵеит. Убри аҟынтә, ҳара ари азҵаара цқьа ҳазхәыцроуп», — илҳәеит  Виола фон Крамон Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу аналҭоз.