Виктор Орбан - Украина – аҳәынҭқарра ҕәҕәоуп, аха, Евроеидгылеи НАТОи алахәылас изыҟалом
Виктор Орбан - Украина – аҳәынҭқарра ҕәҕәоуп, аха, Евроеидгылеи НАТОи алахәылас изыҟалом

«Украина  — аҳәынҭқарра ҕәҕәоуп, аха, Евроеидгылеи НАТОи алахәылас изыҟалом», — иҳәеит Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбан.

Орбан игәаанагарала, Украина қәҿиарала, зеиҧшҟамлац ала иҕәҕәаны  Урыстәыла иаҿагылоуп.

«Украина абас иҕәҕәоуп ҳәа ҳаҟамызт», — иҳәеит  Орбан.

Венгриа аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, Украина Евроеидгылеи НАТОи изалалом, избанзар, Европа уи иазхаша  аҧара амам.

Иара игәаанагарала,  Украина Америкеи Урыстәылеи рҟынтә агарантиақәа зауа абуфертә ҳәынҭқарра ароль иазыхынҳәуеит.

Евроеидгыла иадҳәаланы Орбан ишиҳәаз ала, ари аидгыла аполитикатә ганахьала акәымкәа, аекономикатә проект аҳасабала ирҕәҕәатәуп.