Виктор Орбан – Ишубарҭоу ала, хара имгакәа,  Венгриа Европаҿ атәыла заҵәхоит аимак аҩ-ганк рацәажәара зылшо
Виктор Орбан – Ишубарҭоу ала, хара имгакәа,  Венгриа Европаҿ атәыла заҵәхоит аимак аҩ-ганк рацәажәара зылшо

«Ишубарҭоу ала, хара имгакәа,  Венгриа Европаҿ атәыла заҵәхоит аимак аҩ-ганк рацәажәара зылшо», — иҳәеит Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбан Кремль Урыстәыла ахада Владимир Путин даниҧылоз.

«Иахьа исымоу алшара схы иархәаны,   зҵакы дуу зҵаарақәа рзы сшәацәажәар сҭахуп.  Европазы зҵакы дуу азҵаарақәа ирызкны шәгәаанагара еилыскаар сҭахуп.  Аимак иалахәы аҩ-ганк рацәажәара зылшо атәылақәа иаҳа-иаҳа имаҷхоит.  Ишубарҭоу ала, хара имгакәа,  Венгриа Европаҿ атәыла заҵәхоит аимак аҩ-ганк рацәажәара зылшо», — иҳәеит  Виктор Орбан.

Урыстәылатәи алидер ишиҳәаз ала,  Венгриа аиҳабыра рнапхгаҩы Москва ибара деигәырҕьеит.

«Ҳәарада, арҭ азҵаарақәа ирызкны шәацәажара сазыхиоуп,  шәаргьы европатәи апартниорцәа рпозициа сашәҳәап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Путин.

Ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа данрылацәажәоз Путин ишиҳәаз ала,  атәылақәа  апроект дуқәа шрымоугьы,  атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭратә аикәшара маҷхеит  35%-ла.