Виктор Орбан ишааицҳаз, Евроеидгыла Украина иацҵаны 50 миллиард евро азалхра азҵаара Венгриа вето ақәнаҵеит
Виктор Орбан ишааицҳаз, Евроеидгыла Украина иацҵаны 50 миллиард евро азалхра азҵаара Венгриа вето ақәнаҵеит

Венгриа аԥыза-министр Виктор Орбан ишааицҳаз, Евроеидгыла Украина иацҵаны 50 миллиард евро азалхра азҵаара Венгриа вето ақәнаҵеит.

“Уахынлатәи ажәабжь: Украина иацҵаны аԥара азалхразы вето ақәаҳҵеит. Ари азҵаара иаауа ашықәс азы Европа ахеилак иахәҭоу аҽазыҟаҵара ашьҭахь азыхынҳәуеит”, – иҩит Орбан асоциалтә каҭаҿы.

Европатәи ахеилак аӡбара аднакылеит  Украинеи Молдовеи ралаларазы аиҿцәажәара раартра рышьҭахь. Аӡбара анрыдыркылоз Орбан ауадаҿ дыҟаӡамызт. Венгриа аԥыза-министр Виктор Орбан шьақәирӷәӷәеит Украина алалара иазкны аиҿцәажәаларақәа раатра абжьыҭара шиҭахымыз.