Виктор Орбан – Иракли Ҕарибашвилии сареи Европа аенергетикатә хыҵхырҭақәа рыла аиқәыршәара ҳалацәажәеит, ҳара афымца ахә ҳармаҷроуп, Венгриагьы Қырҭтәылагьы уи иазҿлымҳауп
Виктор Орбан – Иракли Ҕарибашвилии сареи Европа аенергетикатә хыҵхырҭақәа рыла аиқәыршәара ҳалацәажәеит, ҳара афымца ахә ҳармаҷроуп, Венгриагьы Қырҭтәылагьы уи иазҿлымҳауп

«Иракли Ҕарибашвилии сареи Европа аенергетикатә хыҵхырҭақәа рыла аиқәыршәара ҳалацәажәеит», — иҩит Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбан асоциалтә аҳаҿы.

Иара иажәақәа рыла, Европа излауа ала ирацәаны аенергетикатә хыҵхырҭақәа рыла еиқәыршәатәуп.

«Ақәҿиара зхылымҵыз Бриуссельтәи асанкциақәа рымшала Европа зегьы аенергетикатә кризис иҭагылеит.  Ари аҭагылазаашьа алҵразы мҩа заҵәык ауп иҟоу  — Европа излауа ала ирацәаны аенергетикатә хыҵхырҭақәа рыла еиқәыршәатәуп. Иахьа Қырҭтәыла аҧыза-министри сареи ари азҵаара ҳалацәажәеит. Ҳара афымца ахә ҳармаҷроуп, Венгриагьы Қырҭтәылагьы уи иазҿлымҳауп», — иҩит  Виктор Орбан  Facebook аҿы.

https://www.facebook.com/orbanviktor/posts/666626584834943