Венгриа аԥыза-министр Виктор Орбан Киев днеит
Венгриа аԥыза-министр Виктор Орбан Киев днеит

Венгриа аԥыза-министр Виктор Орбан Украина аҳҭнықалақь Киев днеит. 2012 шықәса рышьҭахь ари Орбан Украинаҿ раԥхьаӡатәи визитуп.

Украинатәи аинформациатә хархәагақәа ишаарыцҳаз ала, Венгриа аԥыза-министр икортеж аҳаирбаӷәаза аҟынтә Киев иҟоу Венгриа ацҳаражәҳәарҭахь дәықәлеит.

Иахьа Венгриа аԥыза-министр Виктор Орбани Украина ахада  Володимир Зеленскии еиԥылароуп. Иҳаҩсыз амчыбжь анҵәамҭазы Евроеидгыла алидерцәа рсаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны Орбани Зеленскии Бриуссель еиԥылеит.