Важа Сираӡе иҳәамҭала, аполицаицәа рацәҳаразы асасааирҭа  «Параграф» аҧхьа аӡәы даанкылоуп
Важа Сираӡе иҳәамҭала, аполицаицәа рацәҳаразы асасааирҭа  «Параграф» аҧхьа аӡәы даанкылоуп

Азинхьчаҩцәа  аҵысра  «Ҧхашьароуп»  аиҿкаарала  асасааирҭа «Параграф» аҧхьа имҩаҧысуа акциаҿы аӡәы дааныркылеит.

Апатрультә полициа аиҳабы Важа Сираӡе ишиҳәаз ала, амитинг алахәылацәа аполицаицәа  ишакәым ала ирацәҳаит.

«Амитинг алахәылацәа аполицаицәа  ишакәым ала ирацәҳаит, убри азоуп изааныркылаз. Ҳара аӡбарҭаҿы ашаҳаҭгақәа цәыраагоит», — иҳәеит  Важа Сираӡе.

Қарҭ, асасааирҭа  «Параграф» аҧхьа апротесттә акциа мҩаҧысуеит. Ари асасааирҭаҿы Азиатәи аҿиара абанк 57-тәи есышықәсатәи аизара аҳәаақәа ирҭагӡаны аусмҩаҧгатә мҩаҧысуеит. Адемонстрантцәа  ари аусмҩаҧгатә алахәылацәа рыбжьы ддырҳар  рҭахуп.