Вахтанг Мегрелишвили – Апродуктивтә аиҧылара мҩаҧаагеит, уаҵәы иаҳа крызҵазкәа аиҧылара мҩаҧысуеит
«Гирчи» алахәыла Вахтанг Мегрелишвили ишиҳәаз ала, уаҵәы, Евроеидгыла ахаҭарнакра аофис аҿы, атәыла анапхгареи аоппозициеи реиҧылара нагӡахоит, аганқәа рхаҭарнакцәа иаанхаз азҵаарақәа ирылацәажәоит.
«Апродуктивтә аиҧылара ҳаман, уи уаҵәы инагӡахоит. Уаҵәтәи ахәҭа иаҳа аҵакы амоуп. Аиқәшаҳаҭхара иаанагоит ҳара азҵаарақәа зегьы рзы ҳаиқәшаҳаҭхароуп ҳәа. Ҳара макьана ҳалымгацт. Азҵарақәа зегьы ҳрылацәажәаанӡа ҳзеиқәшаҳаҭхом», — иҳәеит Вахтанг Мегрелишвили.