Вахтанг Махароблишвили - Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьара ашьҭахь раԥхьаӡа акәны мҩаԥысуеит Қырҭтәыла-Евроеидгылатә ассоциациа ахеилак аилатәара
Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьара ашьҭахь раԥхьаӡа акәны мҩаԥысуеит Қырҭтәыла-Евроеидгылатә ассоциациа ахеилак аилатәара, ари аилатәареи адискуссиеи ақак ҷыда рымоуп, Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа рзы ихадароу ашьаҿақәа рыхцәажәоит, – иҳәеит Бельгиатәи аҳреи Лиуксембурги рҿы иҟоу Қырҭтәыла амиссиа анапхгаҩы Вахтанг Махароблишвили.
Махароблишвили иажәақәа рыла, ассоциира иахку аиқәшаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоу ари зегь реиҳа зыҩаӡара ҳараку форматуп.
“Иахьа Бриуссель ь Қырҭтәыла-Евроеидгылатә ассоциациа ахеилак аилатәара мҩаԥысыуеит. Ассоциира иахку аиқәшаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоу ари зегь реиҳа зыҩаӡара ҳараку форматуп. Қырҭтәыла аделегациа аԥыза-министр дахагылоуп. Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьара ашьҭахь раԥхьаӡа акәны мҩаԥысуеит Қырҭтәыла-Евроеидгылатә ассоциациа ахеилак аилатәара, ари аилатәареи адискуссиеи ақак ҷыда рымоуп, Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа рзы ихадароу ашьаҿақәа рыхцәажәоит
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аиҳабыра рнапхгаҩы иҳаракӡоу аҩаӡараҟны аиҧыларақәа мҩаҧигоит – Жозеф Борели Оливер Варҳеи,” – иҳәеит Махароблишвили.