Вахтанг Гомелаури изыӡырҩраны иахьыҟаз Қырҭтәыла апарламент аилатәара аҧыхуп
Вахтанг Гомелаури изыӡырҩраны иахьыҟаз Қырҭтәыла апарламент аилатәара аҧыхуп.
Апарламент ахантәаҩы Каха Куҷава иахьатәи аилатәара иаркуп ҳәа рылеиҳәеит, избанзар, иажәақәа рыла, аполитикатә гәыҧқәа аилатәара амҩаҧгареи азҵаарақәа рықәыргылареи акәӡам ирҭахыз.
«Рыцҳарас иҟалаз, иахьа иаабаз зегьы хықәкыла еиҿкаан, иахьатәи аилатәара мҩаҧымсырц азыҳәан. Уи даараӡа саргәамҵуеит, избанзар аполитикатә гәыҧқәа иаартны ирҳәеит иахьатәи аилатәара амҩаҧгареи азҵаарақәа рықәыргылареи шырҭахымыз. Дара апротест ҟарҵеит, уи азин рымоуп. Аха, анормалтә режим азыхынҳәра рҭахымхеит. Абра иҟоу ажурналистцәагьы аилатәара аҭыхра мацароуп ируалу, аха, даргьы апротест ҟарҵоит, убри аҟынтә, ажәлар изыргәамҵуа азҵаарақәа рықәыргылареи аҭакқәа разыӡырҩреи азыҳәан аконструктивтә ашьаҭа иҟам. Абри зегьы амшала, иахьатәи аилатәара иаркуп ҳәа рыласҳәеит», — иҳәеит Куҷава.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури апарламент аҟынтә дцахьеит.