Вахтанг Гомелаури – Беларусь Ашәарҭадара амаҵзура аҧҵара амш инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә рхы аладырхәит Америкеи, Британиа Дуи, егьырҭ ҳәынҭқаррқәеи рнапхгаратә хаҿқәа
Вахтанг Гомелаури – Беларусь Ашәарҭадара амаҵзура аҧҵара амш инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә рхы аладырхәит Америкеи, Британиа Дуи, егьырҭ ҳәынҭқаррқәеи рнапхгаратә хаҿқәа

 

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр  Вахтанг Гомелаури,  иара еиуеиҧшым аамҭазы Беларуси Азербаиџьани   «ФСБ» ахаҭарнакцәа дырҧылон ҳәа ҧасатәи ихаҭыҧуаҩ Сосо Гогашвили изықәиргылаз ахарадҵара  иааҧҵәаны мап ацәикит.

« 100 шықәстаәи аиубилеи азгәарҭон, ауснагӡатә аҿы еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рнапхгаратә хаҿқәа беларустәи Ашәараҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа амаҵзура ашьаҭаркра амш рыдырныҳәалон. Азербаиџьангьы ҳахьнеиз убасҵәҟьоуп ишыҟалаз», — иҳәеит Вахтанг Гомелаури.

Аминистр ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу ауснагӡатәқәа рҿы иҟан еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа.

«Дара Беларусь анапхгара рыдырныҳәалон. Америкеи, Британиа Дуи  рхаҭарнакцәа иҟан, иара убас, Урыстәыла ахаҭарнакцәагьы иҟан», —  иҳәеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр.

Вахтанг Гомелаури Мцхеҭатәи араионаҿ аресторан имоуп, уаҟа Урыстәыла ахаҭарнакцәа идикылон ҳәа Гогашвили иалаирҵәаз аинформациа иадҳәаланы аминистр ишиҳәаз ала, иара аресторан имам, аиҧылрақәагьы мҩаҧигомызт.