Вахтанг Гомелаури – 2022 шықәса иаҿаҳарҧшыр, анаркоацәгьаурақәа қәҿиарала рҿагылара иазҳаит  21 наӡынала
Вахтанг Гомелаури – 2022 шықәса иаҿаҳарҧшыр, анаркоацәгьаурақәа қәҿиарала рҿагылара иазҳаит  21 наӡынала

«2023 шықәсазы акрызҵазкәа проблеман закәандарала анаркотикқәа рыла ахәаахәҭра.  Азинхьчаратә органқәа имҩаҧыргаз аусура ду абзоурала,  2022 шықәса инаркны  анаркоацәгьаурақәа раартра арбага азҳаит  21 наӡынала», — иҳәеит Қырҭтыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр  Вахтанг Гомелаури   «Аминистр исааҭ» аформатаҿ апарламентаҿ данықәгылоз.

Иара иажәақәа рыла, Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны, еиқәыршәоуп  «2023-2024 шықәсқәа рзы еиҿкаау ацәгьаура аҿагылара иазку ауснагӡатәқәа рплан».

«Еиҿкаау ацәгьаура иаҿагылоу ақәҧара ҵыҧхгьы аҧыжәара аман.  Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны, еиқәыршәоуп  «2023-2024 шықәсқәа рзы еиҿкаау ацәгьаура аҿагылара иазку ауснагӡатәқәа рплан».  Аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны, ацәгьаура астатистика амҩаҧгара аформа ҿыц аларҵәара аиуит. Абжьагарақәа рынагӡара иазку аҳасабырбаҿы Еврокомиссиа алахәылацәа абри аполитика иадҳәалоу адокуентқәа ибзианы ирыхцәажәан, иаҵшьны иазгәарҭеит абр аҩыза адокументқәа рыҟазаара аҵакы ду шамоу», — иҳәеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр.