Вахтанг Гомелаури  Бельгиа Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ данылҧылоз, Евроеидгылеи Шенгентәи азонеи рҿы Қырҭтәыла атәылауаа авизада реиҭаҵра иазку азҵаарақәа дрылацәажәеит
Вахтанг Гомелаури  Бельгиа Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ данылҧылоз, Евроеидгылеи Шенгентәи азонеи рҿы Қырҭтәыла атәылауаа авизада реиҭаҵра иазку азҵаарақәа дрылацәажәеит

Ахыҵакырҭеи амиграциеи азҵаарақәа рзы Бельгиа Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ  Николь де Мур аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны,   Николь де Мур  Вахтанг  Гомелаури диҧылеит. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿ имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ  Алеқсандр Дарахвелиӡеи аусбарҭа егьырҭ ахаҭарнакцәеи.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа инақәыршәаны,  аганқәа рхаҭарнакцәа Евроеидгылеи Шенгентәи азонеи рҿы Қырҭтәыла атәылауаа авизада реиҭаҵра иазку азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аиҧылара алахәылацәа иаҵшьны иазгәарҭеит Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессаан Европаҟны авизада аиҭаҵра иамоу аполитикатәи апрактикатәи аҵакы ду.

Аиҧылара ашьҭахь  Николь де Мури  аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩи апресс-конференциа мҩаҧыргеит.

Алеқсандра Дарахвелиӡе ишазгәеиҭаз ала,  азакәандаратә миграциеи ахыҵакырҭа аиуразы иҵаҵгәыркым аҳәарақәеи аганахьала иҟоу апроблемақәа рыӡбаразы апланқәа еиқәыршәоуп.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара аҧҟарақәа ирықәныҟәоит, аха, аҿҳәарақәа еилазго ма мзызда ахыҵакырҭа иаҳәо ауааҧсырагьы иҟоуп.

Бельгиа Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ  Николь де Мур ишазгәалҭаз ала, Қырҭтәыла ауааҧсыра   Бельгиаҟа ианнеиуа апроблемақәа рызцәырымҵырц азыҳәан,  аинформациа иаша рымазароуп.

«Ишаҧу еиҧш, Қырҭтәыла ауааҧсыра ахыҵакырҭазы мап рцәаҳкуеит,  избанзар,  Қырҭтәыла ишәарҭам тәылоуп ҳәа иҳаҧхьаӡоит. Аекономикатә мзызқәа рыла хаангьы ахыҵакырҭа раҳҭом. Иҵоурам аӡбара ирласӡаны иҳадаҳкылоит,  акритериқәа ирышьашәалам ауааҧсыра зыҧшра ҟамҵакәа ҳтәыла иқәҵроуп», — илҳәеит Николь де Мур.