Вахтанг Гомелаури – Ажәлар ибзианы ирбеит арыцҳара аныҟалаҵәҟьа, раҧхьатәи асааҭқәа рзы, аиқәырхаҩцәа  еиқәхаз ауааҧсыра зегьы еибганы  ишәарҭам аҭыҧашҟа ишиаргаз 
Вахтанг Гомелаури – Ажәлар ибзианы ирбеит арыцҳара аныҟалаҵәҟьа, раҧхьатәи асааҭқәа рзы, аиқәырхаҩцәа  еиқәхаз ауааҧсыра зегьы еибганы  ишәарҭам аҭыҧашҟа ишиаргаз 

«Даҽазнык еиҭасҳәар сҭахуп раҧхьатәи амш аҽныҵәҟьа аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ агежьҧрыгақәеи адронқәеи аус шыруаз,  аха, аелементартә анализгьы азхоит ауаҩы еиликаарц агежьҧрыгақәеи адронқәеи рыла адгьыл ақәыҧшылара мацараҿ иҟоу ауаа рбара шыҟало.  Иҭахаз ауаа адгьыл аҵаҟа агежьҧрыгақәеи адронқәеи рыла  иузубом», — иҳәеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури Шови иҟалаз арыцҳара иадҳәаланы апарламентаҿ данықәгылоз.

«Агежьҧрыгақәеи адронқәеи рыла арҭ ауаа иаҳа ирласны раарҧшреи реиқәырхареи ҟалон ҳәа  аспекулиациа иаҿуп. Даҽазнык еиҭасҳәар сҭахуп раҧхьатәи амш аҽныҵәҟьа аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ агежьҧрыгақәеи адронқәеи аус шыруаз,  аха, аелементартә анализгьы азхоит ауаҩы еиликаарц агежьҧрыгақәеи адронқәеи рыла адгьыл ақәыҧшылара мацараҿ иҟоу ауаа рбара шыҟало.  Иҭахаз ауаа адгьыл аҵаҟа агежьҧрыгақәеи адронқәеи рыла   иузубом.

Ажәлар ибзианы ирбеит арыцҳара аныҟалаҵәҟьа, раҧхьатәи асааҭқәа рзы аиқәырхаҩцәа  еиқәхаз ауааҧсыра зегьы еибганы  ишәарҭам аҭыҧашҟа ишиаргаз. Уи азыҳәан аиқәырхаҩцәа ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп», — иҳәеит  Вахтанг Гомелаури.