Вахтанг Гомелаури -  2019 шықәса инаркны абылрацәыхьчаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи рџьаусҧса ацлеит  50%
Вахтанг Гомелаури -  2019 шықәса инаркны абылрацәыхьчаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи рџьаусҧса ацлеит  50%

«Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзура еибыҭан еиуеиҧшым атранспорттә хархәага ҿыцқәа рыла.  2019 шықәса инаркны иахьанӡа абылрацәахьчаҩцәа рформамаҭәеи  абылрацәыхьчаратә хархәагақәеи  раахәаразы иныхын   20 миллион лари», — иҳәеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури апарламентаҿы данықәгылоз.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иҳәамҭала,  2019 шықәса инаркны абылрацәыхьчаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи рџьаусҧса ацлеит 50%,    иара убас, уахгьы-ҽынгьы аус зуа абылрацәыхьчаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи 2020 шықәса инаркны фатәыла еиқәыршәоуп. Иара убас, Гомелаури ишиҳәаз ала, аиқәырхаратә операциақәа зегьы рышьҭахь, аиқәырхаҩцәеи абылрацәыхьчаҩцәеи апремиақәа роуеит, уи наҟ-наҟгьы инагӡахоит.