Вахтанг  (Буба) Кикабиӡе ҧсҭазаара далҵит
Вахтанг  (Буба) Кикабиӡе ҧсҭазаара далҵит

84 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит еицырдыруа ашәаҳәаҩ, актиор, арежиссиор, асценарист Вахтанг  (Буба) Кикабиӡе.

Иара ипродиуссер Актәи аканала ари аинформациа азышьақәирҕәҕәеит.

1959-1965 шықәсқәа рзы Вахтанг Кикабиӡе Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университетаҿ аҵара иҵон,  1961-1963 шықәсқәа рзы атәым бызшәақәа ринститут дҭан.  1959 шықәса инаркны афилармониа артистс аус иуан. Ансамбльқәа  „Диело“, „Реро“ рҿы ашәа иҳәон.  1967  шықәса инаркны авокал-инструменталтә ансамбль  „Орера“ асолистс дыҟан.

Вахтанг Кикабиӡе иакымкәа еиуеиҧшым афильмқәа рҿы ахадаратә рольқәа наигӡеит. Иара ихаҭагьы иакымкәа афильмқәа ҭиххьан.  2020 шықәсазы Қырҭтәыла апарламент 10-тәи ааҧхьара алахәылас дыҟан.