Варлам Голеҭиани – Уаҵәы иаҳа идуу амч шәҳарбоит, зҵакы дуу аҭыҧқәа ҳарҧынгылоит
«Уаҵәы иаҳа идуу амч шәҳарбоит, зҵакы дуу аҭыҧқәа ҳарҧынгылоит», — иҳәеит «Намахвани ГЕС» аргылара иаҿагылоу акциа аиҿкааҩцәа иреиу Варлам Голетиани.
Иара иажәақәа рыла, аиҳабыра ақырҭуа жәлар рыҳәара нарыгӡаанӡа, апротесттә акциақәа рымҩаҧгара иаҟәыҵуам.
«Гәыкала, намысла имҩаҧааго ақәҧара атәыла зегьы иалахәхап ҳәа ҳгәыҕуеит. Уаҵәы, асааҭ 16:00 рзы, иаҳа идуу амч шәҳарбоит. Абри ашҭаҿы иаҳа ҳрацәахоит, аныҟәра мҩаҧганы, зҵакы дуу аҭыҧқәа зегьы ҳарҧынгылоит. Аиҳабыра ақырҭуа жәлар рыҳәара нарыгӡаанӡа, апротесттә акциақәа рымҩаҧгара ҳаҟәыҵуам», — иҳәеит Варлам Голеҭиани.