Ҩымзтәи ааҭгылара ашьҭахь Ергнеҭи Аинцидентқәа раҧырҟәҟәаареи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны иашьҭанеиуа аиԥылара мҩысуеит
Ҩымзтәи ааҭгылара ашьҭахь Ергнеҭи Аинцидентқәа раҧырҟәҟәаареи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны иашьҭанеиуа аиԥылара мҩысуеит

Ҩымзтәи ааҭгылара ашьҭахь Ергнеҭи Аинцидентқәа раҧырҟәҟәаареи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны иашьҭанеиуа, 125-тәи аиԥылара мҩысуеит. Аиҧылараҿы аиҟәшаратә цәаҳәа иазааигәаны иҟалаз аинцидентқәеи, азакәандаратә бордеризациеи, атәылауаа раанкылареи иалацәажәоит.

Ҧасатәи аиҧылара инаркны иахьанӡа аҭыԥ аман Карелтәи Гортәи амуниципалитетқәа рҿы изакәандароу абордеризафиа афактқәа. Аурыс аруаа аихатә аандақәеи ҭелқәеи рыбжьаҵара еиҭалагеит. Ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа рыла закәандарала иаанкылан жәаҩык Қырҭтәыла атәылауаа.

Ашәарҭадара иазку азҵаарақәа инрываргыланы, аиҧылараҿы, агуманитартә зҵаарақәагьы ирыхәаҧшуеит.

«Ҧасатәи аиҧылара инаркны иахьанӡа ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа рыла закәандарала иаанкылан жәаҩык Қырҭтәыла атәылауаа. Урҭ Цхинвали иҭакуп. Иахьатәи аиԥылараҿ зҵаара хаданы иқәҳаргылоит изакәандарала ҭаку Қырҭтәыла атәылауаа рхақәиҭтәра азҵаара. Қарелии Гории амуниципалитетқәа ирыҵанакуа ақыҭақәа – Двани, Авлеви, Атоци, Ӷоӷеҭи, Ергнеҭи, Дици ирзааигәаны азакәандаратә усурақәа мҩаҧган», – иҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Аналитикатә департамент адиректор ихаҭыҧуаҩ Иракли Анҭаӡе.