Туркменистани Израили "Аладатәи агазтә корридор" аиқәыршәаҩцәас иҟалар ауеит
Ҳаҧхьаҟа Туркменистани Израили “Аладатәи агазтә корридор” аҧсабаратә газла еиқәдыршәар рылшоит.
Ари атәы ааицҳаит Азербаиџьан Аҳәынҭқарратә анефҭ еилахәыра «SOCAR» авице- ахада Эльшад Насиров америкатә аналитикатә центр «Атлантикатә хеилак» авебинар аҿы.
Насиров иҳәамҭала, Аладатәи агазтә корридор аҵыхәтәантәи абиуџьет 33 миллиард адоллар иаҟароуп, уи апроект алагамҭатә ахә аҵкыс акыр еиҵуп.
Аханатә апроект абиуџьет ҳәаақәҵан 45 миллиард адоллар ала.
2020 шықса ҧхынҷкәын 31 рзы, азербаиџьантәи агаз, Трансадриатикатә агазмҩангага ала, Европаҟа анагара иалагеит.
Аҭоурых аҿы раҧхьаӡа акәны, Азербаиџьан, Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи ирылганы, европатәи аџьармыкьашҟа аҧсабаратә газ анагара алшеит.