Титус Корлециан - Анапхгаратә партиеи, атәылауаҩратә уаажәларреи аоппозициеи иашьашәалоу ареформақәа аус еицрыдуларц срыҳәоит, избан акәзар Қырҭтәыла аҭыԥ европатәи аҭаацәараҿ ауп ахьыҟоу
Титус Корлециан - Анапхгаратә партиеи, атәылауаҩратә уаажәларреи аоппозициеи иашьашәалоу ареформақәа аус еицрыдуларц срыҳәоит, избан акәзар Қырҭтәыла аҭыԥ европатәи аҭаацәараҿ ауп ахьыҟоу

«Анапхгаратә партиеи, атәылауаҩратә уаажәларреи аоппозициеи иашьашәалоу ареформақәа аус еицрыдуларц срыҳәоит, избан акәзар Қырҭтәыла аҭыԥ европатәи аҭаацәараҿ ауп ахьыҟоу, Қырҭтәыла европатәи тәылоуп», —Актәи аканал аинтервиу аҿы иҳәеит Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа аҿы Қыртәыла азҵааразы ажәаҳәҟаҵаҩ Титус Корлециан.

Титус Корлециан ишазгәеиҭаз ала, мраҭашәаратәи Балканқәеи Евроеидгыла арҭбаареи ирызку адебатқәа рҿы уи арҭбаара аҵакы дахцәажәеит.

«Ари атәыла алахәылацәеи аидгыла алалара зҭахы атәылақәеи рзы аҵак ду амоуп. Мраҭашәаратәи Балканқәеи  Мрагыларатә партниорреи ртәылақәа санрыхцәажәоз, иазгәасҭеит, агеополитикатә ҭагылазаашьа иахыԥхьагәаҭаны, Қырҭтәыла ашықәс анҵәамҭанӡа акандидат статус шанашьатәу.

Ари иҟаҵоу аусуреи, акритериқәеи ареформақәеи ирыдҳәалоуп. Акандидат статус зауз, уи ашьҭахь аидгыла иалалаз атәылақәа зегьы ари амҩаиахысит.

Анапхгаратә партиеи, атәылауаҩратә уаажәларреи аоппозициеи иашьашәалоу ареформақәа аус еицрыдуларц срыҳәоит, избан акәзар Қырҭтәыла аҭыԥ европатәи аҭаацәараҿ ауп ахьыҟоу, Қырҭтәыла европатәи тәылоуп», – иҳәеит Титус Корлециан.