Тенгиз Церцваӡе  - Ҳара авакцинациеи асабрадақәеи мап рцәаҳкыр, хара имгакәа Қырҭтәыла ахҧатәи ацәқәырҧа иалагоит
Тенгиз Церцваӡе  - Ҳара авакцинациеи асабрадақәеи мап рцәаҳкыр, хара имгакәа Қырҭтәыла ахҧатәи ацәқәырҧа иалагоит

Қарҭтәи аинфекциатә хәышәтәырҭа адиректор Ҭенгиз Церцваӡе ишиҳәаз ала, ауаа авакцина рыларымҵар,  асабрадақәа рныҟәгара иаҟәыҵыр, хара имгакәа, Қырҭтәыла ахҧатәи ацәқәырҧа иалагоит.

«Авакцинациа апросесс ирласны имҩаҧаҳамгар, европатәи атәылақәа рҿы еиҧшҵәҟьа, ҳара ҳҿгьы ахҧатәи ацәқәырҧа иалагоит. Франциа иалагахьеит. Германтәыла аканцлер агәҽанызаара алырҧшит, уаҟа  алокдаун аҿҳәара ацырҵеит хәажәкыра 28нӡа. Европатәи тәылақәак рҿы ахҧатәиа цәқәырҧа иалагахьеит, хара имгакәа ҳара ҳҿгьы иалагоит ҳара авакцинақәа рыҟаҵареи асабрадақәа рныҟәгареи ҳҭахымхар», — иҳәеит Ҭенгиз Церцваӡе.