Сумтәи атәылаҿацә агубернатор иҳәамҭала, урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа арегион иалҵуеит
 Сумтәи атәылаҿацә агубернатор иҳәамҭала, урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа арегион иалҵуеит

«Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа  активла Сумтәи арегион алҵра иаҿуп», — иҳәеит Сумтәи атәылаҿацә агубернатор  Дмитри Живицки.

Иара иажәақәа рыла, урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Киевтәии Черниговтәии атәылаҿацәқәа рҿы ацәыӡ ду рыман.

Убри аамҭазы, Украина Арбџьармчқәа рштаб хадаҿы ишырҳәаз ала, Урыстәыла, маӡала, арезервистцәа рааҧхьара иаҿуп, даҽа  60 нызқьҩык аруаа еизыргар рҭахуп.

Украина аштаб хада адыррақәа рыла, амобилизациа, бжеиҳарала имҩаҧысуеит Краснодартәи Пермтәи атәылаҿацәқәеи, Даҕсҭани, Ингушеҭиеи, Калмыкиеи.