Свен Миксер – Урыстәылатәи агрессиа ма апровокациақәа рганахьала  ашәарҭара иҭагыло европатәи атәылақәа зегьы ршәарҭадара арҕәҕәара азҵаара аҵакы ду амоуп
Свен Миксер – Урыстәылатәи агрессиа ма апровокациақәа рганахьала  ашәарҭара иҭагыло европатәи атәылақәа зегьы ршәарҭадара арҕәҕәара азҵаара аҵакы ду амоуп

Европарламент адепутат  Свен Миксер иҳәамҭала,  атәыла цыҧхьаӡа Евроеидгыла алалара азин амоуп.

«Хымҧада иазҧхьагәаҭатәу астандарт иҟоуп. Уажәазы Евроеидгыла урыстәылатәи агрессиа иаҿагыланы акаолициа аҧҵара иаҿуп, ҳәарада, ари ахырхарҭа иазҿлымҳау атәылақәа зегьы аус рыцаауеит», — иҳәеит Свен  Миксер.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла, акритериақәа зегьы рынагӡаразы аусура нанагӡароуп.

Свен Миксер ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла, Евроеидгыла Урыстәыла  иазышьақәнаргылаз аҧкратә уснагӡатәқәагьы ирылахәызароуп, уигьы аҵакы ду амоуп.

«Уи уажәтәи аполитикатә цәаныррақәа рзы анырра амазаауеит. Хымҧада иазҧхьагәаҭатәуп ашәарҭадара аганахьала аҭагылазаашьа шыцәгьоу, ари аибашьраҿы Урыстәыла аиааира агап ҳәа сгәы иаанагом. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп Урыстәыла иаҵахарц азыҳәан, аха, уи иаиааир, Украина мацараҿ иаангылом.  Убри аҟынтә, Урыстәылатәи агрессиа ма апровокациақәа рганахьала  ашәарҭара иҭагыло европатәи атәылақәа зегьы ршәарҭадара арҕәҕәара азҵаара аҵакы ду амоуп.

Иҟаҵатәу еиҭасҳәоит  — излауа ала ирласны европатәи астандартқәа раларҵәареи,  аекономика Мраҭашәарахь ахы архареи,  аинститутқәа рырҕәҕәареи.

Абри зегьы мышкала аҟаҵара шыҟамло еилкаауп,  аамҭа ҳцәыӡит,  аха,  сгәы ишаанаго ала,  иахьа шәара лабҿаба иаашәырҧшыроуп европатәи апринципқәа шәышрықәныҟәо,  ари азҵаара шәаргьы шәшаргәамҵуа,  уи аашәырҧшыр шәылшоит европатәи асанкциақәа рҽалархәра ала.  Аиуристтәи атехникатәи ауадаҩрақәа шыҟоу,  ҽнакала абри зегьы шыҟамло  еилыскаауеит,  аха,  Европа азааигәахареи Урыстәыла ахьыҧшызаара аиҵатәреи шәҭахызар, арҭ азҵаарақәа ӡбатәуп», — иҳәеит  Свен Миксер.