Страсбургтәи аӡбарҭа - Михаил  Саакашвили иҿагылоу ашьауҕатә процесс шиашоу гәҩарас аҟаҵаразы  ашьаҭа иҟам
Страсбургтәи аӡбарҭа - Михаил  Саакашвили иҿагылоу ашьауҕатә процесс шиашоу гәҩарас аҟаҵаразы  ашьаҭа иҟам

Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵара инақәыршәаны,  Михаил  Саакашвили иҿагылоу ашьауҕатә процесс шиашоу гәҩарас аҟаҵаразы  ашьаҭа иҟам

Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа апресс-релиз ишану ала, ари ақәҵара Михаил Саакашвили иҿагыланы ихацыркыз 2 уск ирыдҳәалоуп.

Актәи аус   2005 шықәсазы апарламент алахәыла иқәлара иазкуп, егьи аус  – ауаҩшьра зхараз Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ҧшьҩык аофицарцәа Саакашвили ила  роужьҭра иадҳәалоуп. Апресс-релиз ишану ала, арҭ аусқәа рыхәаҧшра иалагеит 2012 шықәсазы,  аиҳабыра ҿыц аофициалла ианаарыцҳа ҧаса иҟаҵаз ацәгьаурақәа реилыргара ишалагоз.

«Иахьатәи ақәҵарала ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа ишьақәнаргылеит Саакашвили иусқәа реилыргараан Европатәи аконвенциа 6-тәи ахәҭаҷ актәии ахҧатәии апунктқәа шеилагамыз», — иануп апресс-релиз аҿы.

Иара убас, абыжьқәа реиҳарала, Страсбургтәи аӡбарҭа Европатәи аконвенциа  7-тәи ахәҭаҷ аилагарагьы шьақәнамыргылеит, ари ахәҭаҷ азакәанда ахьырхәра ахәҭамзаара иазкуп.

Страсбургтәи аӡбарҭа апресс-релиз иацу афактқәа рҿы иазгәаҭоуп ашшыҧхьыӡ алаҵаҩ  Михаил Саакашвили Қырҭтәыла ахадас дшыҟаз  2004 – 2013 шықәсқәа рзы.  2013 шықәсазы иара Қырҭтәыла атәылауаҩра мап ацәикын, Украина атәылауаҩс дҟалеит.  2021 шықәсазы иара Қырҭтәылаҟа дхынҳәын, дааныркылеит, избанзар,  ашьауҕатә 2 уск рзы иус  ӡбаны, фышықәса аҭакра иқәырҵахьан.