Страсбург Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылаашьа иазку Европа Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада  33-тәи иажәахә иахәаҧшит 
Страсбург Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылаашьа иазку Европа Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада  33-тәи иажәахә иахәаҧшит 

2026 шықәса мшаҧы 29 рзы, Страсбург,  Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылаашьа иазку Европа Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада  33-тәи иажәахә иахәаҧшит.

Аилатәара ихы алаирхәит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр лхаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиа.

33-тәи ажәахә цәыригеит Европа Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада Ален Берсе.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминситрра аинформациа ишану ала, ажәахә аҿы иарбоуп   2025 шықәса жьҭаара инаркны 2026 шықәса хәажәкыранӡа Урыстәыла ала импыҵахалоу  Қырҭтәыла  аҵакырадгьылқәа рҿы  ашәарҭадареи, ауаҩы изинқәеи, агуманитартә зҵаарақәеи рганахьала аҭагылазаашьа.

«Адәныҟатәи аусқәа рминистр лхаҭыҧуаҩ аилатәара алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылеит. Иара Европа Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада ажәахә аҟаҵаразы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, иаҵшьны иазгәеиҭеит ари азҵаара Европа Ахеилак аусхкы аҿы ааныжьра аҵакы ду шамоу. Хшыҩзышьҭра ҷыда азун ашәарҭадареи, ауаҩытәыҩса изинқәеи, агуманитартә зҵаарақәеи рганахьала импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьа цәгьа.

Ҷыдала иазгәаҭан ахҵәацәа рыхынҳәра ахымҧадара. Аилатәараҿы даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан Урыстәыла амца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭрала ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа шынанамгӡо.

Аминистр лхаҭыҧуаҩ Женеватәи аиҿцәажәарақәа рдинамика далацәажәан, даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла аиҳабыра  аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵара аполитика ишақәныҟәо.

Европа Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада  Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаареи ахьыҧшымреи адгылара азаарҧшны, ишьақәирҕәҕәеит ари аиҿкаара, ахатә мандат аҳәаақәа ирҭагӡаны, аконсолидациатә ажәахәқәа рырмазеира шынанагӡо», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.