Софо Џьаҧариӡе атәыла ахада длыдҵаалит Михаил Саакашвили ашьауҕа ихыхра иазку аҳәарала
«Амилаҭтә ҵысра» алахәыла Софо Џьҧариӡе, Қырҭтәыла ахада ладминистрациашҟа днеины, Саломе Зурабишвили ашәҟәы лзаанлыжьит Михаил Саакашвили ашьауҕа ихыхра иазку аҳәарала.
«Ҳара Қырҭтәыла зехьынџьара ҳаҟан, зқьҩыла аиммигрантцәа рыҳәареи рнапынҵақәеи ааҳгеит. Аҳақьымцәа, актиорцәа, аӡбаҩцәа уҳәа, занааҭла еиҧшым ауааҧсыра рацәа еидгылеит. Қырҭтәыла ауааҧсыра рҳәатәы еиқәшәоит. Атәыла ҧасатәи ахада деиқәхароуп, иҧсы ҭазароуп ҳәа ҳгәы иаанагоит», — илҳәеит Џьаҧариӡе.