Жьҭаара 27-28 рзы Қырҭтәыла имҩаҧгахоит жәларбжьаратәи аусмҩаҧгатә ду — Қарҭтәи афинанстә саммит. Ари аинформциа аланарҵәеит Қырҭтәыла Амилаҭтә банк.
Аинформациа ишану ала, сынтәатәи асаммит атема хадас иҟалоит «Аполитикеи, афинансқәеи, атехнологиақәеи рышьаҭала арегионалатә економикатә корридорқәа раҧҵара».
Қарҭтәи афинанстә саммит еиҿыркааит Қырҭтәыла Амилаҭтә банки, Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрреи, Сингапуртәи аглобалтә афинанстә-технологиатә аҳеи (GFTN). Асаммит рхы аладырхәоит адунеи зегьы аҟынтә абанк хадақәа рхадацәеи, афинтех-индустриеи, афинанстә сектори, жәларбжьаратәи еилахәырақәеи, аинновациатә технологиақәеи рхаҭарнакцәеи.
Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахада Наҭиа Турнава ишылҳәаз ала, абри аҩыза жәларбжьаратәи аусмҩаҧгатә ду абзоурала, Қырҭтәыла, аглобалтә афинанстәи аинновациатәи процессқәа рылахәызаареи, жәларбжьаратәи аинвестициақәа рыдаҧхьалареи, иреиҕьу адунеитә еилахәырақәа рҟны апартниортә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи, атәыла аекономикатә азҳара ацхраареи алшоит.