Си Ӡинпин - Китаи ЕАШ-и ицәгьоу аизыҟазаашьақәа рыбжьоуп, ари ҳаргәамҵуеит
Си Ӡинпин - Китаи ЕАШ-и ицәгьоу аизыҟазаашьақәа рыбжьоуп, ари ҳаргәамҵуеит

Китаи ЕАШ-и ицәгьоу аизыҟазаашьақәа рыбжьоуп, ари ҳаргәамҵуеит, – иҳәеит Китаи алидер Си Ӡинпин ЕАШ ахада иҟны аиԥылара иалагаанӡа.

Ӡинпин иажәақәа рыла, Америкеи Китаи ииашоу акурс алырхроуп.

„Ихадароу ҩтәылак рлидерцәа раҳасабла ҳара ииашоу акурс алаҳхроуп. Ҩганкалатәи аизыҟазаашьақәа реиӷьтәразы ииашоу ахырхарҭа ҳаԥшаароуп“, – иҳәеит Си Ӡинпин.

“Аиԥылараҿ астратегиатә ҵакы змоу азҵаарақәа иаахтны ҳрыхцәажәароуп”, – иазгәеиҭеит Китаи алидер.

Америка ахада Џьо Баиден ақәгылараан ишазгәеиҭаз, Китаи ЕАШ-и рыбжьара аимак ҟамлароуп.

“Ҳтәылақәа апартниорцәа раҳасабла аус еицыруп ҳәа адунеи аҿы иазыԥшуп”, – иҳәеит Биден.