Швециа аҧыза-министр иҳәамҭала, Украина ацхраара аганахьала Дональ Трамп иааира шәарҭоуп ҳәа игәы иаанагоит
«Америкауаа ралхра ҟарҵеит. Швециа Америка ахадеи иадминистрациеи аус рыцура алшароуп, абри ауп ихадоу», — иҳәеит Швециа аҧыза-министр Ульф Кристерссон Америка имҩаҧгаз алхрақәа рылҵшәақәа данрылацәажәоз.
Кристерссон иажәақәа рыла, «уажәазы америкатә политикаҿы узыргәамҵша атенденциақәа иҟоуп».
«Адебатқәа рҿы аполиаризациа, акультуратә еибашьрақәа ртенденциа уҳәа, абри зегьы шәарҭоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Даҽа шәарҭаракгьы иҟоуп — Украина иадҳәаланы аҭакҧхықәра армаҷра. Уажәазы Америка Украина даараӡа иацхраауеит. Ҳара уи ахә ҳшьоит, уи азыҳәан ҭабуп ҳәа раҳҳәоит», — иҳәеит Ульф Кристерссон.
Иара убас, Кристерссон ишиҳәаз ала, аекономикатә протекционизм арҕәҕәара ашәарҭара иҟоуп.
«Швециа еиҧшу атәылақәа рзы уи аҵакы ду амоуп, избанзар, ҳара аекспорти ахәаахәҭреи ҳрыхьҧшуп», — иҳәеит иара.