Швеицариа-лиуксембургтәи китаи-сингапуртәии аилахәырақәа Анаклиатәи иҵаулоу абаҕәаза апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны хазхаҭалатәи апартниор иалхра аҩбатәи аетапахь ииасит
Қырҭтәыла аекономика аминистр Леван Давиҭашвили иҳәамҭала, швеицариа-лиуксембургтәи китаи-сингапуртәии аилахәырақәа Анаклиатәи иҵаулоу абаҕәаза апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны хазхаҭалатәи апартниор иалхра аҩбатәи аетапахь ииасит.
«Анеҩсәи амзақәа рзы арҭ аилахәырақәа рҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧаагоит. Дара рҟынтә иҳауа ажәалагалақәа инрықәыршәаны, апартниор далаҳхуеит.
Урыстәылатәи аилахәырақәа ари аконкурс иалахәымызт. Иарбанызаалак даҽа ҳәынҭқаррак аинтересқәеи анырреи аҧыжәара рымамзаарц азыҳәан, ари апроект Қырҭтәыла аинтересқәа ирышьашәалазаарц азыҳәан, ҳара, излауа ала ҳтәыла аинтересқәа ҳахьчоит. Аҳәынҭқарра зҵакы дуу аинфраструктуразы ахылаҧшратә пакет амазаауеит», — иҳәеит Леван Давиҭашвили.