Швеицариа ахада  Украина даҭааит
 Швеицариа ахада  Украина даҭааит

 Швеицариа ахада  Игнасио Кассис  Украина даҭааит.  Иара ари атәы ааицҳаит  амикроблог  «Твиттер» аҿы.

Кассис ишиҳәаз ала,  ивизит ахықәкқәа иреиуп аибашьра иахылҵыз аҭагылазаашьа абара.

«Еиҭах Украина саҭааит  — аҵыхәтәаны араҟа ҵыҧх сыҟан.  Сара аибашьра иахылҵыз аҭагылазаашьеи, агуманиатартә ҭагылазаашьеи,  атәыла аиҭашьақәыргыларазы аҽазыҟаҵаратә усурақәеи збар сҭахуп», — иҩит Кассис.

https://twitter.com/ignaziocassis/status/1582980168662282241?ref_src=twsrc%5Etfw%7Ctwcamp%5Etweetembed%7Ctwterm%5E1582980168662282241%7Ctwgr%5Eadc46bf3fd1e08f0a61712873f8419c3c347ebbe%7Ctwcon%5Es1_&ref_url=https%3A%2F%2F1tv.ge%2Flang%2Fru%2Fnews%2Fprezident-shvejcarii-pribyl-v-ukrainu%2F