Шио ахҧатәи - Самеба аҿы аешьаратә акзаарала ҳаизеит, ақырҭуа жәлари, адуоҳаныҟәгаҩцәеи, аберцәеи ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп аныҳәареи, адгылареи, абзиабареи азыҳәан
Арыцҳашьара злоу Иҳақәиҭу ҭынч, џьшьарала дҳараҳкырц азыҳәан иахьа Самеба аҿы аешьаратә акзаарала ҳаизеит, – иҳәеит Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Шио ахҧатәи Самеба аныхабаа аҿы абжьагажәа аниҳәоз.
Шио ахҧатәи ауахәама аҭааҩцәа даҽазнык ҭабуп ҳәа реиҳәеит адгылареи абзиабареи азыҳәан.
„Ҷыдала ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп аҭыҧантәи аиашахаҵаратә уахәамақәа рхаҭарнакцәа, абрахь шәахьааиз азы сшәаҭабууп. Уи ҳуахәама адоуҳатә акзаареи Қьырса иахь абзиабара дуи аанарҧшуеит. Иахьа абра, шәҿаҧхьа сангыло, Иҳақәиҭу даҽазнык ҭабуп ҳәа иасҳәоит Акаталикос-Патриархс аҟазаара аҳаҭыр дуӡӡа азыҳәан.
Ақырҭуа жәлари, адуоҳаныҟәгаҩцәеи, аберцәеи ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп арҭ амшқәа рзы иҳацхраауаз, амч ҳазҭоз, агәҭаҵагас иаҳзыҟалаз аныҳәареи, адгылареи, абзиабареи азыҳәан», — иҳәеит Шио III.