Шарль Мишель - Шәызынтәгьы ааҧхьара шәысҭоит, уаха ҳаиҧылап, афасилитациантә амедитациашҟа аиасра иаамҭоуп
Шәызынтәгьы ааҧхьара шәысҭоит, уаха ҳаиҧылап, афасилитациантә амедитациашҟа аиасреи аполитикатә диалог амҩаҧгареи иаамҭоуп, — иҳәеит Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель Қырҭтәыла аҧыза-министри иареи еицымҩаҧыргаз апрессконференциаҿы.
Иара аганқәа зегьы аполитикатә диалог амҩаҧгара рыбжьеигеит.
«Қырҭтәыла аполиткиатә кризис иаҳа-иаҳа иҕәҕәахоит, уи даараӡа саргәамҵуеит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла адемократиатә аҿиараҿы ақәҿиарақәа иҟан. Аҧыза-министр иҭыҧ аҿы шәыҟазаара аан аполиткиатә полиаризациеи, аоппозициатә лидерцәа рҽазышәарақәеи ириашатәуп, аполиаризациа аҵыхәа ҧҵәатәуп. Иарбан ҳәынҭқарразаалак, уи аиҳабыра алидертә ҟазшьақәа аадырҧшыроуп, апроблемақәа рҭыҧқәҵара рылшароуп, Қырҭтәыла аинтересқәа иазҧхьагәаҭаны рхы мҩаҧыргаруоп. Сара аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит аполитикатә диалог иалагарц. Шәызынтәгьы ааҧхьара шәысҭоит, уаха ҳаиҧылап, афасилитациантә амедитациеи аполиткиатә диалоги ахь аиасра иаамҭоуп», — иҳәеит Шарль Мишель.