Шарль Мишель – Қырҭтәыла ақырҭуа жәлар мацара роуп атәыла аҧеиҧш зыӡбар зылшо Қырҭтәыла аҟны
Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель Бриуссель Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии иареи реиҧылара иазкны иҩит асоциалтә аҳаҿы.
Мишель ишазгәеиҭаз ала, ари аиҧылара мҩаҧган Қырҭтәылазы зҵакы дуу аамҭазы.
«Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии сареи ҳаиҧылеит Қырҭтәылаз зҵакы дуу аамҭазы. Акандидат-тәыла аҳасабала, Қырҭтәыла, иаҳзеиҧшу адемократиатә принципқәа ирышьашәаланы, ареформақәа рпроцесс нанагӡароуп. Ареформақәеи, азакәан аиҳаӡареи, адемократиатә принципқәеи роуп Евроеидгылашҟа зхы рхоу амҩа шьаҭас иамоу. Қырҭтәыла иҟоу ақырҭуа жәлар заҵә роуп Қырҭтәыла аҧеиҧш зыӡбар зылшо», — иҩит Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель.