Шарль Мишель - Қырҭтәыла аполитикатә актиорцәак рҟны аконсультациақәа мҩаԥысуеит
Қырҭтәыла иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа иадҳәаланы Европа ахеилак ахада Шарль Мишель аҳәамҭа ҟаиҵеит.
“Сара мшаԥы 19-тәи аиқәшаҳаҭра иазкны “Ақырҭуа гәахәтәы” адгакылаз аӡбара аҳасаб азысуит. Ари аиқәшаҳаҭра, ақырҭуа жәлар ринтерес иазыԥхьагәаҭаны , Қырҭтәыла еврпатәи амҩаҿ иӷәӷәоу адемократиеи азакәан аиҳаӡареи иаднагалоит. Аҳасаб зысуит “Амилаҭтә ҵысра” аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мап ахьацәнакыз афактгьы.
Ари аиқәшаҳаҭра ареформа амҩаԥгаразы иреиӷьу амҩоуп ҳәа уажәгьы сгәы иаанагоит, уи Қырҭтәыла адемократиатә институтқәа рырӷәӷәареи, аусурҭа ҭыԥқәа раԥҵареи азҳареи ирыхәоит.
Аганқәа зегь рахь ааԥхьара ҟасҵоит атәылауаа ринтересқәа аԥхьагылара аҭаны, атәыла алемократиатә ниститутқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аполитикатә дискурс иалырхырц. Қырҭтәыла аполитикатә актиорцәак рҟны аконсультациақәаиалагоит. Иацы, Евроеидгыла-Қырҭтәыла реизыҟазаашьақәа срыхҵәажәарц азы ахада Зурабишвили сылԥылеит,” иануп Шарль Мишель иҳәамҭаҿ.