2021 шықәса мшаҧы 16 рзы «Ақырҭуа гәахәтәы» иҟарҵаз ажәалагала инақәыршәаны, 2021 шықәсазы имҩаҧысраны иҟоу аҭыҧантәи алхрақәа рҿы «Ақырҭуа гәахәтәы» апропорциатә сиақәа рыла 43 наӡына еиҵны ироур, 2022 шықәсазы изаамҭаным апарламенттә алхрақәа мҩаҧгахоит, — иануп Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель иҟаиҵаз ажәалагала ҿыц аҿы.
«Аганқәа зегьы жьҭааразы имҩаҧгаз апарламенттә алхрақәа ирыдҳәаланы Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара Абиуро ала иҟаҵаз аихшьаала иақәшаҳаҭхоит. Аихшьаала ишану ала, жьҭааразы имҩаҧгаз апарламенттә алхрақәа рҿы аконкуренциа еиқәыршәан, инеизакны иуҳәозар, ахадаратә зинқәа ихьчан. Аха, уезгьы, аларҵәара змаз ахарадҵақәеи алхыҩцәа рықәыҕәҕәареи амшала ажәлар абри апроцесс аспектқәак рзы агәыҩбара рызцәырҵит. Ашшыҧхьыӡқәа реиҳара рыхәаҧшразы мапкра амшала алҵшәа зхылҵша азинтә ахьчара иҧкын.
Аганқәа, Қырҭтәыла аполитикатә ҭышәынтәалара аиқәыршәареи абри аиқәшаҳаҭра анагӡареи азыҳәан, апарламенттә мандатқәа рыдкылареи, зыӡбахәы ҳәоу алхратә система ашьаҭа ала имҩаҧысраны иҟоу алхрақәа рҽалархәреи иақәшаҳаҭхоит. Қырҭтәыла аиҳабыра, 2021 шықәсазы имҩаҧысуа аҭыҧантәи алхрақәа рзы жәларбжьаратәи анаҧшцәа аарыҧхьароуп», — иануп адокумент аҿы.