Шарль Мишель - Ақырҭуа жәлар Евроеидгыла еилыкаа иалырхит, рамбициақәа рыдгыларазы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Ари азы Европатәи ахеилак амш аусхәаԥштә Қырҭтәыла иаласҵоит
Ақырҭуа жәлар Евроеидгыла еилыкаа иалырхит, рамбициақәа рыдгыларазы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Ари азы Европатәи ахеилак амш аусхәаԥштә Қырҭтәыла иаласҵоит, – иҩит Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель.
“Қырҭтәыла иашьашәалоу ашьаҿақәа ҟанаҵоит, иаҭаху ареформақәа мҩаԥнагоит ҳәа ҳгәы ахьаанагоз аҟынтә, ԥхынҷкәын азы Европатәи ахеилак аӡара аднакылеит Қырҭтәыла акандидат статус анашьара иадҳәаланы. Аартызаара иазку азакәан адкылара шьҭахьҟа иҟаҵоу шьаҿоуп, Қырҭтәылеи Евроеидгылеи иацәыхарахо иалагеит. Аха ақырҭуа жәлар Евроеидгыла еилыкаа иалырхит, рамбициақәа рыдгыларазы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит. Ари азы Европатәи ахеилак амш аусхәаԥштә Қырҭтәыла иаласҵоит”, – иҳәеит Европатәи ахеилак ахада.