Шәамахьтәыла аиҳабыра ашәамахь аалыҵ азы урыстәылатәи аҧкрақәа рымшала азарал зауз анаплакҩцәа ирыцхраауеит
Урыстәыла ала ашәамахь аалыҵ азы ишьақәыргылоу аҧкрақәа ирыдҳәаланы Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан ишиҳәаз ала, атәыла анапхгара асубсидиақәеи адгылареи иазку апрограммақәа мҩаҧыргоит, ааглыхыҩцәа аџьармыкьа ҿыцқәа рыҧшаараҿы ирыцхраауеит.
Иара убас, Ҧашиниан ишазгәеиҭаз ала, аекспорт аалыҵ ахаҭабзиара астандартқәа ианрышьашәалам афактқәагьы иҟоуп. Иара иажәақәа рыла, Шәамахьтәыла аиҳабыра аекспорттә џьармыкьа ҿыцқәа рыҧшааразы аусура иалагахьеит.
«Аиҳабыра аӡбара рыдыркылахьеит: аекспорт азы ииашамкәа аҧкрақәа шьақәыргылазар, ҳекономика азарал амоурц азыҳәан, ҳара асубсидиақәеи адгылареи ирызку апрограммақәа мҩаҧаагоит . Ҳара зхаҭабзиара лаҟәу аалыҵ аекспортахь иҳаздәықәаҳҵом, уи ҳсуверенитети ҳмилаҭтә интересқәеи ирҧырхагоуп.
Ҳара ааглыхыҩцәа зегьы ҳрыцхраауеит, аха, дара раалыҵ бзиазароуп, ахаҭабзиара астандарт ҿыцқәа ирышьашәалазароуп. Ҳбизнес-делегациақәак аҳәаанырцәҟа идәықәлахьеит. Жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа иаҳзаадырҧшыз адгыларазы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Ҳара ашәҭәқәеи, ашәыри, ауҭраҭыхи раахәаразы аконкреттә ажәалагалақәа ҳаухьеит.
Ҳара 100 тонна апырпыл ҳамазар, 90 тонна хырхарҭак ала идәықәҵазар ҟалом. 4 хырхарҭак рыла 25-25 тонна дәықәҵатәуп, анеҩс, — егьырҭ ахырхарҭақәа рылагьы. Абри аформулоуп сызлацәажәоз», — иҳәеит Никол Ҧашиниан.