Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рҳәаа аделимитациазы акомиссиа аилатәара абҵара 30 рзы мҩаԥгахоит
Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рҳәаа аделимитациазы акомиссиа аилатәара абҵара 30 рзы мҩаԥгахоит, – аарыцҳаит шәамахьтәылатәи аихқәа.
Шәамахьтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, заанаҵтәи аиқәшаҳаҭрала, акомиссиа аилатәара Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рҳәааҿ мҩаԥгахоит.
Уаанӡа Шәамахьтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, ауадаҩрақәа ирыхәамԥшыкәа, ҩтәылак рыбжьара аҭынчра ашьақәыргылара иреалу алшара иҟоуп, ари азы аҩганк рҟынтә аполитикатә ҭахра иҟазароуп.