Шәамахьтәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, Еревани Ваиоцӡортәи араиони рҿы акциа алахәылацәа ааныркылеит
Шәамахьтәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, Еревани Ваиоцӡортәи араиони рҿы акциа алахәылацәа ааныркылеит.
Аполициа аинформациа ала, аҿагыларатә акциаан Ереван ааҩык аанкылан. Шәамахьтәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, урҭ рҟынтә ҩыџьа абџьар закәандарала аҵәахразы, даҽа хаҿык – зныҟәгара зин ыҟам амаҭәар ахьимаз азы.
Ваиоцӡортәи араион аҿы ԥшьҩык аанкылан.
Шәамахьтәыла акциақәа мшаԥы 20 рзы иалагеит. Акциа алахәылацәа Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рҳәааҿ адемаркациа апроцесс иаҿагылоит.