Шәамахьтәылатәи АИХқәа - Атәылауаа Азербаиџьан аҟны аҳәынҭқарратә аҳәаа адемаркациа апроцессаан ганкалатәи ахьаҵра амшала апротест ҟарҵоит
Шәамахьтәыла атәылауаа Азербаиџьан аҟны аҳәынҭқарратә аҳәаа адемаркациа апроцессаан ганкалатәи ахьаҵра амшала апротесттә марш мҩаҧыргоит.
Шәамахьтәылатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, амарш еиҿыркааит аҵысра «Тавуш аҧсадгьыл ахьӡала» алидерцәа. Аҵысра анапхгара азиуеит архиепископ Баграт Галстаниан.
Амарш иалагеит Киранци ақыҭан, апротесттә акциа хыркәшахоит лаҵара 9 рзы, Ереван, уаҟа амитинг алахәылацәа атәыла аиҳабыра аконкреттә аҳәарақәа рзықәдыргылоит.
Шәамахьтәыла апротесттә акциақәа мҩаҧысуеит мшаҧы 20 инаркны. Аҳәаа иаҧну ақыҭақәа руааҧсыра Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рыбжьара аҳәаа адемаркациеи аделимитациеи, иара убас, Азербаиџьан аҵакырадгьылқәа аҭареи иадҳәаланы апротест ҟарҵоит.