Шәамахьтәыла иҟоу Атомтә фымцастанциа афы асит
Шәамахьтәыла иҟоу Атомтә фымцастанциа афы асит

Шәамахьтәыла иҟоу Атомтә фымцастанциа афы асит, ари иахҟьаны астанциа аусура аамҭала аанкылоуп.

Шәамахьтәыла атерриториақәа рнапхгараҭареи аинфраструктуреи рминистрра апресспикер Сона Арутиуниан ишаалыцҳаз ала, Шәамахьтәыла иҟоу Атомтә фымцастанциа атәыла афымцатә системантә ырцәан.

“Нанҳәа 30, асааҭ 21:55 рзы Шәамахьтәыла иҟоу Атомтә фымцастанциа атәыла афымцатә системантә ырцәан авариатә аангылара арежим амзызла. Ари амзыз афасра акәын”, – илҳәеит Арутиуниан.