Шәамахьтәыла Азербаиџьан ахаранаҵеит арратә атҟәацәа рышьра, Азербаиџьан ишаарыцҳаз ала, аусеилыргара мҩаҧыргоит
Шәамахьтәыла Азербаиџьан ахаранаҵеит арратә атҟәацәа рышьра, ашәамахь аган жәларбжьаратәи аусеилыргара иаҳәоит. Ашәамахь АИХ адыррқәа рыла, Telegram-каналқәа рҿы аларҵәара аиуит асолдатцәа рышьра авидеонҵамҭа.
Шәамахьтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ишану ала, авидеоматериал ишьақәнарҕәҕәоит Азербаиџьан арбџьармчқәа рыла арратә ацәгьаурақәа шыҟаҵаз.
«Шәамахьтәылатәи ареспублика Азербаиџьантәи арбџьармчқәа рыла иҟаҵоу арратә ацәгьаурақәа еилыккаа ахәшьара рыҭареи реилыргареи иаҳәоит», — иануп аҳәамҭаҿы.
Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан жәларбжьаратәи ауаажәларрахь ааҧхьара ҟаиҵеит зыӡбахәы ҳәоу арратә ацәгьаура иааҧҵәаны иақәыӡбарц, Азербаиџьантәи агрессиа аанкыларазы иахәҭоу ашьаҿақәа ҟарҵарц.
«Асоциалтә аҳаҿы аларҵәара зауз авидеонҵамҭаҿы азербаиџьантәи аруаа, хаҧызарала, Шәамахьтәыла аҵакырадгьылаҿ, гәыҧҩык ашәамахь арратә тҟәацәа ршьуеит. Шәамахьтәыла жәларбжьаратәи амеханизмқәа зегьы ахы анархәоит ари ацәгьауразы аусеилыргара амҩаҧгареи ашьауҕатә ашьҭазаареи азыҳәан», — иҳәеит Никол Ҧашиниан.
Зыӡбахәы ҳәоу авидеонҵамҭақәа ирызкны аҳәамҭа ҟаиҵеит Аахыҵ Кавказ аҿы Европатәи Ахеилак ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар.
«Абарҭ акадрқәа шиашоу шьақәырҕәҕахар, арратә ацәгьаура еилырганы, изхароу ауаа ахьырхәра рыҭатәуп», — иҳәеит Тоиво Клаар.
Зыӡбхәы ҳәоу афакт ақәҿнаҭит Азербаиџьан Апрокуратура хада.
«Азербаиџьан Апрокуратура хада зыӡбахәы ҳәоу авидеонҵамҭақәа риашареи, анҵамҭа ахьыҟаҵаз аҭыҧи ианыҟаҵаз аамҭеи ашьақәыргылареи, уаҟа иарбоу ахаҿқәа раарҧшреи азы аусеилыргара мҩаҧнагоит. Аусеилыргара алҵшәақәа рышьаҭала азинтә шьаҿақәа ҟаҵазаауеит», — иануп адырраҿы.